Владимир Зеленски Польша даҭааит
Владимир Зеленски Польша даҭааит

«Украина ахада Владимир Зеленски,  иҧҳәыс Елена Зеленскаиа диманы, Польша даҭааит», — иануп  «Европеискаиа правда» аҿы.

Польша ахада иофис адыррала, алидерцәа апрезиденттә ханаҿ аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит, анеҩс, аделегациақәа реиҿцәажәара мҩаҧысуеит,  аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  18:00 рзы  Владимир Зеленскии  Анџьеи Дудеи аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Уаанӡа Украина ахада, аибашьраан, шамахамзар, атәыла далымҵӡацызт. Иара  Вашингтони, Лондони, Парижи,  Бриуссели мацара дыҟан.