Владимир Зеленски – Адунеи аҿы ҳәынҭқарракгьы иҟам Урыстәыла аасҭа еиҳаны атерроризм аҧара алазҵо
Владимир Зеленски – Адунеи аҿы ҳәынҭқарракгьы иҟам Урыстәыла аасҭа еиҳаны атерроризм аҧара алазҵо

Украина ахада Владимир Зеленски  есымшатәи ааҧхьара ҟаҵаны, иацтәи амш аихшьаала азиуит. Зеленски ишиҳәаз ала, адунеи аҿы ҳәынҭқарракгьы иҟам Урыстәыла аасҭа еиҳаны атерроризм аҧара алазҵо.

«Иацы шьыбжьашьҭахь Киев мацара ҧшьынтә аҳаиртә шәарҭаразы адырра ҟаҵан. Аурыс арбџьармчқәа  Киевшинеи,  Кропивницкии,  Николаеви аракетақәа рыларыжьит.  Донбасс ахырхарҭалагьы ажәылара нарыгӡоит.  Абри атеррор иаҿагыло ауааҧсыра зегьы сраҭабууп. Иара убас, америкатә сенаторцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Дара Америка Аҳәынҭқарратә департаментахь ааҧхьара ҟарҵеит  Урыстәыла атерроризм аҧара алазҵо ҳәынҭқаррас азхаҵара иазку арезолиуциа иадгыларц. Жәабран 24 инаркны  есымша Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳрыхәаҧшыр, лабҿаба иаабоит адунеи аҿы ҳәынҭқарракгьы шыҟам Урыстәыла аасҭа еиҳаны атерроризм аҧара алазҵо.  Ҳәарада, ари афакт аглобалтә аҩаӡараҟны аиуристтә ақәҿыҭра аҭатәуп», — иҳәеит  Зеленски.

Владимир Зеленски  визитла Украина иҟоу Литва ахада Гитанас  Науседа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит арратә цхыраареи адгылареи азыҳәан.

Иара убас, Украина ахада  «Balenciaga» акреативтә директор  Демна  Гвасалиа диацәажәеит.   Зеленски иҳәамҭала,  Демна Гвасалиа Украина аиҭашьақәыргыларазы иаҧҵоу аплатформа ацҳаражәҳәаҩс дҟалеит.

«Иара  United24  ацҳаражәҳәаҩс дҟаларц иӡбеит. Ишсеиҳәаз ала,  иара ихаҭагьы ахҵәара закәу идыруеит, убри азоуп ари аӡбара зидикылаз», — иҳәеит  Зеленски.

Украина адгыларазы иаҧҵоу  «Balenciaga» асвитерқәа рыҭирантә ироуа ахашәала  «Украина аиҭашьақәыргылара» иахҭнырҵоит.