Владимир Зеленски  адепутатцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит украинаа ахьааи, астресси, аибашьра ахәрақәеи рахгараҿы  рыцхраара амзызла  амедицинатә аныцә азакәантәра иадгыларц
Владимир Зеленски  адепутатцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит украинаа ахьааи, астресси, аибашьра ахәрақәеи рахгараҿы  рыцхраара амзызла  амедицинатә аныцә азакәантәра иадгыларц

Украина ахада Владимир Зеленски  адепутатцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит украинаа ахьааи, астресси, аибашьра ахәрақәеи рахгараҿы  рыцхраара амзызла  амедицинатә аныцә азакәантәра иадгыларц .

«Адунеиаҿ аларҵәара змоу аҧышәа зегьы, егьа иуадаҩзаргьы, Украинагьы аларҵәра амазароуп, Украина атәылауаа ахьааи, астресси, аибашьра ахәрақәеи рычҳара рықәымшәарцаз. Ҳара,  изҭаху ауаа рзы аныцә злоу ахәшәқәа рхархәара ҳалагароуп», — иҳәеит  Владимир Зеленски.

Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, Украина аҿиара амазароуп апсихикатәи махәҿалатәии  аиҭашьақәыргылара аиндустриа, аиҭашьақәыргыларатә центрқәа рыргылареи, иара убас, иашьашәалоу акадрқәа рырмазеиреи аганахьала.

Украина аминистрцәа ркабинет зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект иадгылеит.