Украина НАТО иалалаанӡа ашәарҭадара агарантиақәа аҭахуп
Украина НАТО иалалаанӡа ашәарҭадара агарантиақәа аҭахуп

Украина НАТО иалалаанӡа ашәарҭадара агарантиақәа аҭахуп. Украина ахада Владимир Зеленски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит есымшатәи иааҧхьараҿы.

«Литватәи асаммитаан  аҳәынҭқаррақәа зегьы рпозициа  европатәи ашәарҭадара иазку ахықәкы иадҳәалазароуп.  Украина Алианс иалалаанӡа ашәарҭадара агарантиақәа азеиқәыршәатәуп, иҵабыргны иуҳәозар, уи жәларбжьаратәи аиҿкаара ахьчарагьы иазкуп», — иҳеит  Зеленски.

Украина ахада ишиҳәаз ала, аҭынчра иазку украинатәи аформула аконкреттә ареалтә ҟазшьа амоуп.

«Аурыс ампыҵахалаҩцәа Украина аҵакырадгьыл зегьы иалҵроуп. ЕАР аҧҟанҵа апункт цыҧхьаӡа амч аиуроуп  – Урыстәыла ала жәларбжьаратәи зин аилагара факткгьы ақәҿымҭрада иаанымхароуп», — иҳәеит Зеленски.