Владимир Зеленски Латвиа ахада дицны Львов даҭааит
Владимир Зеленски Латвиа ахада дицны Львов даҭааит

Украина ахада Владимир Зеленски Латвиа ахада  Егилс Левитс дицны Львов даҭааит.

Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХқәа.

Ҩ-тәылак рхадацәа аибашьра иалаӡыз ақәҧаҩца ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Иара убас, Украина ахада,  агоспиталь аҿы зҽызыхәшәтәуа украинатәи аруаа ибеит. Украина ахада аруаа  ирласны абзиахара рзеиҕьашьаны, рмаҵзуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.