Владимир Зеленски – Алеқсеи  Данилов даҽа хырхарҭак ахь диаагоит, уи атәы ҧыҭраамҭак ашьҭахь еилышәкаауеит
Владимир Зеленски – Алеқсеи  Данилов даҽа хырхарҭак ахь диаагоит, уи атәы ҧыҭраамҭак ашьҭахь еилышәкаауеит

Украина ахада  Владимир Зеленски иҳәамҭала,  Украина Ашәарҭадареи атәылахьчареи ахеилак ҧасатәи амаӡаныҟәгаҩ  Алексеи Данилов даҽа маҵзураҭыҧк ахь диаргоит, аха, дахьиарго имҳәеит.

«Акадртә ҧсахрақәа мҩаҧысуеит.  Алексеи Данилов имҩаҧигаз аусуразы сиаҭабууп.  Иара даҽа хырхарҭак ахь диаагоит. Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩс дҟасҵеит   Алеқсандр Литвиненко. Иара ицынхәрас адәныҟатәи аҧшыхәра  напхгаҩыс дҟалоит  Олег Ивашенко, иара иашьашәалоу аҧышәа имоуп.  Ҳтәыла астратегиатә алшарақәа рырҕәҕәара сақәгәыҕуеит, абри ауп ҳҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара зхьыҧшу», — иҳәеит  Зеленски.

Владимир Зеленски   Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ Алеқсеи Данилов аусура дамихит.