The New York Times - Владимир Путин Херсон алҵразы урыстәылатәи аруаа иҟарҵаз аҳәара дақәшаҳаҭымхеит
The New York Times - Владимир Путин Херсон алҵразы урыстәылатәи аруаа иҟарҵаз аҳәара дақәшаҳаҭымхеит

The New York Times аинформациа инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы иара ихаҭа аӡбарақәа идикылоит.

The New York Times адыррла, Владимир Путин Херсон алҵразы урыстәылатәи аруаа иҟарҵаз аҳәара дақәшаҳаҭымхеит

Астатиа ишану ала, аурыс аруаа Херсон иалҵыр,  атехникеи аруааи реиқәырхара рылшон,  аха,  абри аҩыза афакт даҽазнык Урыстәыла аҧсыҽра   аанарҧшуан.

Аурыс арбџьармчқәа Херсон ргеит жәабран азы.

Аҭыжьымҭа адыррала,  Урыстәыла ахада атәыла ауааҧсыра ирылеиҳәаз амобилизациа алагьы иубарҭоуп иара ишыҟазаалак аиааира игар шиҭахуп.