The Guardian – Евроеидгыла анапхгара Прага имҩаҧысраны иҟоу асаммитахь Британиа Ду аҧыза-министр ҿыци агәылара иҟоу тәылақәак реиҳабырақәа рнапхгаҩцәеи рааҧхьара ргәы иҭоуп, арҭ атәылақәа иреиуп Қырҭтәылагьы
The Guardian – Евроеидгыла анапхгара Прага имҩаҧысраны иҟоу асаммитахь Британиа Ду аҧыза-министр ҿыци агәылара иҟоу тәылақәак реиҳабырақәа рнапхгаҩцәеи рааҧхьара ргәы иҭоуп, арҭ атәылақәа иреиуп Қырҭтәылагьы

«Евроеидгыла анапхгара Прага имҩаҧысраны иҟоу асаммитахь Британиа Ду аҧыза-министр ҿыци агәылара иҟоу тәылақәак реиҳабырақәа рнапхгаҩцәеи рааҧхьара ргәы иҭоуп, арҭ атәылақәа иреиуп Қырҭтәылагьы», — аанацҳаит аҭыжьымҭа  The Guardian.

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель АИХ ахаҭарнакцәа ишреиҳәаз ала, Аҩадатәи Ирландиа апротокол иадҳәаланы ауадаҩрақәа шыҟоугьы, иара агәра ганы дыҟоу Британиа Ду аҧыза-министр ҿыц Прагаҟа ааҧхьара шиоуа.

Аҭыжьымҭа адыррала, Евроеидгыла асаммитахь ааҧхьара зауа атәылақәа иреиуп Норвегиеи, Швеицариеи,  иара убас, Евроеидгыла иалалар зҭаху жә-тәылақәаки, урҭ рыбжьара – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Балкантәи атәылақәеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани.

Иара убас, АИХ ишырҩуа ала, Ҭырқәтәыла ааҧхьара иадҳәаланы Евроеидгыла аҩныҵҟа рҳәатәы еиқәшәом, Бырзентәылеи Кипри уи иақәшаҳаҭым. Аинтервиу аҿы Шарль Мишель ишиҳәаз ала,  Ҭырқәтәыла хымҧада ааҧхьара аҭатәуп, аха, иара агәра ганы дыҟазароуп иколлегацәа уи ишақәшаҳаҭхо.

Прага Евроеидгыла асаммит мҩаҧысраны иҟоуп жьҭаара  6 рзы. Уаҵәы Британиа Ду аҧыза-министр ҿыц ихьӡ еилкаахоит.