Страсбургтәи аӡбарҭа 2017 шықәсазы атәылауаҩра имхра иадҳәаланы Михаил Саакашвили  иалеиҵаз ашшыҧхьыӡ аднамкылеит
Страсбургтәи аӡбарҭа 2017 шықәсазы атәылауаҩра имхра иадҳәаланы Михаил Саакашвили  иалеиҵаз ашшыҧхьыӡ аднамкылеит

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара Европатәи аусбарҭа 2017 шықәсазы украинатәи атәылауаҩра имхра иадҳәаланы Михаил Саакашвили Украина даҿагыланы иалеиҵаз ашшыҧхьыӡ аднамкылеит.

Ашшыҧхьыӡ аҿы Михаил Саакашвили украинатәи атәылауаҩра имхра ала изинқәа реилагара азхаҵара даҳәон.

««Саакашвили  Украина даҿагыланы»  аус азы ақәҵара ишану ала, Европатәи аӡбарҭа  ари ашшыҧхьыӡ ахаҧшразы аднамкылеит. Ари аӡбара аҵыхәтәантәиуп», — иануп Страсбургтәи аӡбарҭа аҳәамҭаҿы.

Ари аус  2015 шықәсазы Украинаҟа ииасыз, уаҟа активла аполитика иалахәыз Саакашвили ирзаҳал иадҳәалоуп.

Саакашвили изинқәа реилагара иакымкәам афактқәа дрылацәажәоит, лымкаала,  2017 шықәсазы украинатәи атәылауаҩра имхреи, иара убас,  2018 шықәсазы иара изы ашьауҕатә ус ахьацыркреи, иаанкылареи, Украинантә иалцареи.

Стасбургтәи аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, апретензиақәа реиҳара  ирыдҳәаланы Саакашвили, амилаҭтә аҩаӡараҟны  инапаҿы иҟаз аиуристтә ахьчара ихы иаимырхәит, егьырҭ ашшыҧхьыӡқәа  иҵаҵгәыркым ҳәа ирыҧхьаӡеит.

Аӡбарҭа ақәҵараҿ ишазгәаҭоу ала,  2019 шықәса лаҵара ашьҭахь, Саакашвили украинатәи атәылауаҩра анеиҭашьақәиргыла, аполитикатә усура данеиҭалага анеҩс, иара Украинаҿ ашшыҧхьыӡқәа алеиҵар илшон.