Швециа аԥыза-министр - Швециеи Финлиандиеи Нато ралалара ақәшаҳаҭхарц азы, Ҭырқәтәыла изыҳәо рацәоуп
Швециа аԥыза-министр - Швециеи Финлиандиеи Нато ралалара ақәшаҳаҭхарц азы, Ҭырқәтәыла изыҳәо рацәоуп

Швециеи Финлиандиеи Нато ралалара иақәшаҳаҭхарц азы, Ҭырқәтәыла изыҳәо рацәаоуп, – иҳәеит Швециа аԥыза-министр  Ульф Кристерсон.

„Иаҳҳәаз шынаҳагӡаз Ҭырқәтәыла ишьақәнарӷәӷәеит. Аха уи иҵегьы зыҟаҵара ҳалымшо, зыҭара ҳҭахым ҳҭахуп ҳәа аанацҳаит”, – иҳәеит Швециа аиҳабыра рнапхгаҩы.

Ульф Кристенсен иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла аӡбара аднакылоит, аха ианба идырым.

Ҭырқәтәыла Швециа аҿаԥхьа Феҭҳула Гиуллени акәырдцәа реиҿкаарқәеи ирыдҳәалоу ахаҿқәа рыҭара идҵаны иқәнаргылеит. Ԥзынҷкәын анҵәамҭазы Анкара агәамԥхеит Швециа иреиҳаӡоу аӡбарҭа ажурналист иекстрадициа мап анацәнака, Ҭырқәтәыла анапхгара ражәақәа рыла, ари ажурналисти Феҭҳула Гиуллени аимадара рыбжьоуп.