Қырҭтәыла имҩаҧысуеит НАТО Аоперативтә алшарақәа аконцепциа инақәыршәаны Ахәшьараҭареи аимадареи апрограмма аконференциа
Қырҭтәыла имҩаҧысуеит НАТО Аоперативтә алшарақәа аконцепциа инақәыршәаны Ахәшьараҭареи аимадареи апрограмма (OCC E&F) есышықәсатәи аконференциа.
Иахьа асасааирҭа «Билтмор» аҿы аконференциа аадыртит атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Паата Патиашвилии аконтр-адмирал Иусуф Карагиули.
Дара зыӡбахәы ҳәоу апрограммаҿы Қырҭтәыла алахәызаара аҵакы иалацәажәеит. Аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ аинрал-маиор Иракли Ҷиҷинаӡе.
Аконференциа иалахәын НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәеи апартниорцәеи ртәылахьчара аминистррақәа рхаҭарнакцәа. Аусмҩаҧгатә алахәылацәа арратә азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара аганахьала ари аиҿкаара иамоу аҧышәеи, аусеицура ақәҿиарақәеи, анеҩстәи ашықәс азы апланқәеи ирылацәажәоит.
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ аинрал-маиор Иракли Ҷиҷинаӡе ҩ-ганктәи аиҧыларақәагьы мҩаҧигеит. Иара аконтр-адмирал Иусуф Карагиулии абригадатә аинрал Теодорос Степоуси дырҧылеит. Арҭ аиҧыларақәа рҿы ахыхьчареи ашәарҭадареи аусхкқәа рҿы апартниортә тәылақәа русеицура иалацәажәеит.
Зыӡбахәы ҳәоу аконференциа есышықәса еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҿы имҩаҧысуеит. Ари аусмҩаҧгатә Қырҭтәыла иҩынтәны имҩаҧган.