Reuters — НАТО адронқәа рыла Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара ажәылара ауп ҳәа иаԥхьаӡом
Reuters — НАТО адронқәа рыла Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара ажәылара ауп ҳәа иаԥхьаӡом

НАТО адронқәа рыла Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара ажәылара ауп ҳәа иаԥхьаӡом,  – польшатәи апресса ари аҳәамҭа аланарҵәеит агентра  Reuters аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.

 Reuters адыррақәа рыла, Аҩадаатлантикатә алианс заанаҵтәи адыррақәа рыла,  «Урыстәылатәи адронқәа хықәкыла Польша аҳаиртә қәыҧшылара иалалеит, аха, НАТО ари афакт ажәылара аҳасабала иахәаҧшуам».

Польша аҧыза-министр иҳәамҭала, цәыббра  10 рзы, ҵхыбжьон, урыстәылатәи адронқәа, раҧхьа акәны, НАТО иалоу аҳәынҭқарра аҵакырадгьылаҿ иқәхын, аха, агәамҵразы амзызқәа иҟам.