Румынтәыла, Констанца иҟоу Урыстәыла аконсулра аркны, Урыстәыла аконсул атәылаҿ дыҟазар шырҭахым аарыцҳаит
Румынтәыла, Констанца иҟоу Урыстәыла аконсулра аркны, Урыстәыла аконсул атәылаҿ дыҟазар шырҭахым аарыцҳаит.
Румытәыла ахада Никушор Дан ари атәы ааицҳаит Амилаҭтә шәарҭадара иреиҳаӡоу ахеилак аилатәара ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.
„Адрон аҧырра атраекториа аадыруеит, Украинаҟа иахьындәықәҵаз аадыруеит, Румынтәылаҟа иахьынтәдәықәҵаз аадыруеит, уи Украина аконкреттә обиектқәа ржәыларазы идәықәҵаз 43 дронқәа иреиуп“, – иҳәеит Никушор Дан.
Румынтәыла аҳәаа иаҧну Галат ақалақьаҿ адрон 10 еихагылак змоу анхарҭатә корпус иаахеит. Румынтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, акорпус иаахеит аурыс дрон.