Румынтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит
Румынтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит

Румынтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит. Аҩбатәи атур иалахәып ультраарҕьаратә хәҭа алидер Џьорџье Симионеи ихьыҧшым акандидат,  Будапешт ахада Никушор Дани.

Атәылаҿ алхырҭақәа иадыркуеит асааҭ 21:00 рзы. Аҳәаанырцә инхо арумынцәа ахәаша инаркны абжьыҭира алшара рыман.

Аҩбатәи атурынӡа имҩаҧгаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, акандидатцәа еиҟараны ашансқәа рымоуп.

Румынтәыла апрезиденттә алхрақәа мҩаҧган  2024 шықәса абҵаразгьы. Усҟан аиааира игеит ихьыҧшым акандидат Калин Џьорџьеску,  аха,  Румынтәыла Аконституциатә аӡбара ала алхрақәа рылҵшәақәа иаҧыхын.