Румынтәыла Молдоваҟны аидҵара азҵаара ахәаҧшра ишазыхиоу аанацҳаит
Румынтәыла Молдоваҟны аидҵара азҵаара ахәаҧшра ишазыхиоу аанацҳаит

 

Румынтәыла Молдоваҟны аидҵара азҵаара ахәаҧшра иазыхиоуп, — иҳәеит Румынтәыла ахада ибжьагаҩ Евген Томак.

Томак иҳәамҭала, Румынтәыла ари азҵаара ахәаҧшра ишазыхиоу аанацҳаит 2018 шықәса хәажәкыра 27 рзы, уи Румынтәыла анапхгара рофициалтә позициоуп.

«Румынтәыла ари азҵаара ахәаҧшра иазыхиоуп, аха Молдова ари авариант иақәшаҳаҭхар. Дара рҧеиҧш аҳаақәҵара азин рымоуп», — иҳәеит Румынтәыла ахада ибжьагаҩ.

Молдова ахада уажәааны ишылҳәаз ала, лара Молдовеи Румынтәылеи реидҵара дазыразуп. Санду лажәақәа рыла, ари азҵааразы ареферендум мҩаҧыргоит, лара уи дақәшаҳаҭхоит, избанзар, ари атәыла ихьыҧшымкәа аҟазаара иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит.