Молдова апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит. Алхрақәа ирылахәуп 5 партиаки, 4 каолициаки, ихьыҧшым 4ҩык акандидатцәеи. Дара атәыла апарламентаҿ аиҳара аиура иазықәҧоит.
Заанаҵтәи аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ари ақәҧараҿы ахадаратә субиектқәоуп Молдова уажәтәи ахада анапхгара ззылуа, европатәи ахырхарҭа иадгыло «Ауранагӡареи аидгылареи апартиеи» урыстәылатәи ахырхарҭа иадгыло «Апатриоттә блоки» , уи дахагылоуп Молдова ҧасатәи ахада Игорь Додон.
АИХқәа рдыррақәа рыла, анапхгаратә партиа аиҳара заиуам, уи иаҳа ихәыҷу асубиектқәа рыла акаолициа аҧҵара ақәшәоит.
Алхырҭақәа иадыркуеит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 21:00 рзы. Алхрақәа рылҵшәақәа еилкаахоит уаҵәы, цәыббра 29 рзы.