Румынтәыла Атәылахьчара аминистрра - Урыстәылатәи адронқәа рыла Украина ажәылараан дронк Румынтәыла аҳаиртә қәыҧшылара иалалеит
Румынтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Урыстәылатәи адронқәа рыла Украина ажәылараан дронк Румынтәыла аҳаиртә қәыҧшылара иалалеит, убри амшала, Румынтәыла, 2 нырҵәагак F-16 ажәҩанахь ишьҭнахит.
Анырҵәагақәа ари адрон иашьҭан иара атәыла аҵакырадгьыл иалҵаанӡа. Румынтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, адрон ауааҧсыра рзы ишәарҭамзт.
Ҳазну амчыбжь азы урыстәылатәи адронқәа Польша аҳаиртә қәыҧшыларагьы еиларгеит.