Дональд Туск – Урыстәылатәи адронқәа рыла Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара  - исериозу провокациоуп
Дональд Туск – Урыстәылатәи адронқәа рыла Польша аҳаиртә қәыҧшылара аилагара  - исериозу провокациоуп

Польша аҧыза-министр Дональд Туск иҳәамҭала,  урыстәылатәи адронқәа рыла Польша аҳаиртә қәыҧшылараҿы имҩаҧгаз апровокациа агрессиатә акт ауп.

  Туск иажәақәа рыла, уажәазы агәамҵразы амзыз иҟам.

«Раҧхьаӡа акәны урыстәылатәи адронқәа НАТО иалоу аҳәынҭқарра аҵакырадгьылаҿ иқәхын. Ҳадгылаҩцәа зегьы ари аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра ду азыруеит», – иҳәеит Туск.

 «Аҭагылазаашьа мариам. Ҳара еиуеиҧшым асценариқәа рзы ҳахиазароуп. Раҧхьатәи аҧышәара ҳахысит.  Абри аҩыза аҭагылазаашьақәа рзы иҳамаз аплан алҵшәа ахылҵит. Абжьааҧнытә режимаҿ анхара наҳагӡоит. Аҧкрақәа рышьақәыргыларазы амзызқәа иҟам», – иҳәеит  Туск.