Дональд Туск - 28 пунктқәа рыла еиқәыршәоу аплан еиқәзыршәазгьы иахьеиқәыршәазгьы еилаҳкаар бзиан
Польша аҧыза-министр Дональд Туск иҳәамҭала, 28 пунктқәа рыла еиқәыршәоу америкатә план еиқәзыршәаз деилкаазар бзиоуп.
Дональд Туск ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.
«Европеи, Канадеи, Иапониеи рлидерцәеи ҳареи 28 пунктқәа рыла еиқәыршәоу аплан аус адулара ҳазыхиоуп. Аха, аусура ҳалагаанӡа, ари аплан еиқәыршәазгьы иахьеиқәыршәазгьы еилаҳкаар бзиан», — иҩит Туск.