Дональд Туск Маик Џьонсон иахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина ацхраара иазку азакәанпроект дадгыларц
Дональд Туск Маик Џьонсон иахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина ацхраара иазку азакәанпроект дадгыларц

Иацы украинатәи ақалақь Одессазы имҩаҧгаз ажәылара ҕәҕәа ашьҭахь, Польша аҧыза-министр Дональд Туск Америка Ахаҭарнакратә палата аспикер Маик Џьонсон иахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина ацхраара иазку азакәанпроект шьақәдырҕәҕәарц.

Туск Џьонсон ибжьеигеит Урыстәыла Одесса ишаахаз ибарц.

«Аспикер Џьонсон, шәахәаҧш Одесса зеиҧшрахаз. Аӡбара адкыларазы иҵегьы шаҟа аргументқәа шәҭахи?», — иҳәеит  Дональд Туск.

Иаха Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз аракетатә жәылара амшала  20ҩык ҭахеит,  73ҩык ахәрақәа роуит. Иахьа Одесса алахьеиқәҵаратә мшуп.