Америка, Дональд Трамп иҽалархәрала имҩаҧысуаз Аҩны шкәакәа акорреспондентцәа рассоциациа адкылараҿы ахысра ҟалеит 
Америка, Дональд Трамп иҽалархәрала имҩаҧысуаз Аҩны шкәакәа акорреспондентцәа рассоциациа адкылараҿы ахысра ҟалеит 

Аҩны шкәакәа акорреспондентцәа рассоциациа адкылараҿы ахысра ҟалеит. Аусмҩаҧгатә иалахәын Америка ахада Дональд Трампи  актәи аледи Мелани Трампи. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Аинформациа инашу ала, иара убас, адкылараҿы иҟан Америка авице-ахадеи атәылахьчара аминистри. Ахсраан аӡәгьы акгьы имыхьит. Ихысуаз даанкылоуп.