The New York Times - Америкеи Израили  "Иран исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус" аштаб-уада иажәылар ҟалап
The New York Times - Америкеи Израили  "Иран исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус" аштаб-уада иажәылар ҟалап

The New York Times адыррақәа рыла,  Америкеи Израили  “Иран исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус” аштаб-уада иаахар ҟалап. Астатиа ишану ала, абри аҩыза ажәылара хықәкыс иамазаауеит аиадертә аиҿцәажәарақәа рҿы Иран ахьаҵра адцалара.

Аҭыжьымҭа ишану ала, Израили Америкеи Иран иаҿагыланы арратә операциа дырмазеиуеит. Дара абаллистикатә ракетақәа рбазеи, аиадертә обиектқәеи, Иран исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус” аштаб-уадеи ржәылараргәы иҭоуп.

Аҭыжьымҭа ари аинформациа аланарҵәеит израильтәи арратә хыҵҵырҭақәа ринформациа ашьаҭала.

Дара ражәақәа рыла, Америкеи Израили ари ажәылара амҩаҧгара ргәы иҭоуп иааиуа амшқәа рзы.