Украинеи Америкеи еиқәдыршәаз аҭынчратә план инақәыршәаны, Украина аиадертә бџьар змам ҳәынҭқаррас иаанхоит, аҭынчраан арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара 800 000ҩык аруаа иреиҳахом
Украинеи Америкеи еиқәдыршәаз аҭынчратә план инақәыршәаны, Украина аиадертә бџьар змам ҳәынҭқаррас иаанхоит, аҭынчраан арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара 800 000ҩык аруаа иреиҳахом

Украинеи Америкеи еиқәдыршәаз аҭынчратә план инақәыршәаны, Украина аиадертә бџьар змам ҳәынҭқаррас иаанхоит, аҭынчраан арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара 800 000ҩык аруаа иреиҳахом. Ари атәыла иануп Украинеи Америкеи 20 пунктқәа рыла еиқәдыршәаз аҭынчратә план аҿы.

Аҭынчратә план цәыригеит Украина ахада Владимир Зеленски.

Зеленский ишазгәеиҭаз ала, уи аибашьра ахыркәшара иазку абазатә документуп, Урыстәыла ари аплан иақәҿнаҭроуп ҧхынҷкәын 24 рзы, америкатә аган рҟны аиҧылараан.

Иара убас,  Украина ахада ишиҳәаз ала, аҵакырадгьылтә зҵаарақәа рылацәажәаразы,  Америка алидер иҧылара дазыхиоуп.