Дональд Туск - Польша Украина имҩаҧысуа аибашьра аҽаланархәом
Дональд Туск - Польша Украина имҩаҧысуа аибашьра аҽаланархәом

Польша аҧыза-министр Дональд Туск ишиҳәаз ала, Польша Украина имҩаҧысуа аибашьра аҽаланархәом.

Иара ишиҳәаз ала, Франциа ахада Еммануель Макрони Америка ахада Џьо Баидени ари аӡбара иазкны иреиҳәахьеит.

«Макрон иасҳәаз еиҭасҳәар сылшоит, Америка ахадагьы уи иасҳәахьеит. Польша Украаина имҩаҧысуа аибашьра аҽаланархәом», — иҳәеит Туск.

Хәыжәкыразы Франциа ахада Еммануель Макрон  аҳәамҭа ҟаиҵеит мраҭашәаратә адгьылтә мчқәа Украинаҟа идәықәырҵар ҟалап ҳәа.