Марк Рутте иҳасабырба  - Қырҭтәыла ашәарҭадара арҕәҕәара амзызла, НАТОи Қырҭтәылеи  апрактикатә усеицура нарыгӡоит
 Марк Рутте иҳасабырба  - Қырҭтәыла ашәарҭадара арҕәҕәара амзызла, НАТОи Қырҭтәылеи  апрактикатә усеицура нарыгӡоит

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Рутте ицәыригаз есышықәсатәи аҳасабырбаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп НАТО Аахыҵ Кавказ атәылақәа рыхҧагьы рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аҳасабырба ишану ала, «Қырҭтәыла ашәарҭадара арҕәҕәара амзызла НАТОи Қырҭтәылеи  апрактикатә усеицура нарыгӡоит».

Адокументаҿ иаҵшьны иазгәаҭоуп  Қырҭтәыла жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәеи НАТО аоперациақәеи ишрылахәыз.

Иара убас, аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу ала,  «Аахыҵ Кавказаҿ НАТО аҟазаара Қарҭ иҟоу НАТО аимадаратә офис аҟынтә адгылара амоуп».

Ҩ-ганктәии арегионалтәи партниорра иадҳәаланы адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, «НАТО апартниорра аглобалтә аҳа  30 шықәса ирылагӡана аҿиара иаҿуп, НАТО алахәылацәа  16 апартниортә ҳәынҭқаррақәа аус рыцыруеит».

«НАТО апартниорцәа рыгәҭа еиҿкаауп Украинеи Қырҭтәылеи рҟны аизыҟазаашьақәа ирызку аструктура ҷыдақәа», – иануп аҳасабырбаҿы.