Марк Рутте - Урыстәыла ахшыҩдаратә хымҩаҧгашьа зегьы рзы шәарҭоуп, НАТО ахатә аидгылаҩцәа рҵакырадгьыл асантиметр цыҧхьаӡа ахьчара иазыхиоуп
«Урыстәыла ахшыҩдаратә хымҩаҧгашьа зегьы рзы шәарҭоуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Рутте.
Рутте иҳәамҭала, иара Румынтәыла ахада Никушор Дан агәра ииргеит НАТО ахатә аидгылаҩцәа рҵакырадгьыл асантиметр цыҧхьаӡа ахьчара ишазыхиоу.
Аҩадаатлантикатә алианс анапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла Украина зехьынџьара аҭынчуааи атәылауаҩратә инфраструктуреи раахара нанагӡоит, «иаха даҽазнык иаадырҧшит азакәандаратә агрессиа алҵшәақәа аҳәаа шрымам».
Рцтте иҳәамҭала, НАТО ахатә хыхьчара арҕәҕәареи Украина ацхраареи нанагӡоит.