Марк Рутте - НАТО Европа ашәарҭадара мацараз акәымкәа, Америка ашәарҭадаразгьы ахадаратә ҵакы амоуп 
Марк Рутте - НАТО Европа ашәарҭадара мацараз акәымкәа, Америка ашәарҭадаразгьы ахадаратә ҵакы амоуп 

НАТО Европа ашәарҭадара мацараз акәымкәа, Америка ашәарҭадаразгьы ахадаратә ҵакы амоуп. Америка ашәарҭадара еиқәыршәазарц азыҳәан, Арктикагьы, Атлантикагьы, Европагьы ашәарҭара иҟамзароуп. Аполитикцәеи арратә маҵзуҩцәеи уи еилыркаауеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада  Марк Рутте.

Рутте  Гренландиа иадҳәалоу азҵаарагьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, ари азҵаара ашәқәа ркны аус адырулоит.

«Алианс аҩныҵҟагьы аибарххара аныҟаз аамҭақәа иҟан, аха, Алианс анапхгара  ари азҵаара иадҳәаланы аргама аҳәамҭақәа ҟарҵомызт.  Уи зыҟалом, избанзар, сара ҳәамҭак ҟасҵар, нас егьырҭ алидерцәа срывагыланы аибарххара армаҷра сылшом. Убри аҟынтә,  ари азҵааразы аргама аҳәамҭа ҟасҵом, ари азҵаара ашәқәа ркны аус адааулоит», — иҳәеит Марк Рутте.

Иара иажәақәа рыла, Гренландиа азҵаара аҭыҧқәҵаразы мҩа заҵәык иҟоуп  — адипломатиа.

«Ҳара Арктика ҳахьчароуп. Амшынтә мҩақәа аатуеит, уи аадыруеит, Урыстәылеи Китаии Арктикаҿ активра ду шаадырҧшуа аадыруеит. Ахада Трамп диашоуп, Урыстәылеи Китаии рнырра аҟынтә Арктика ахьчаразы иаҳа ирацәаны иҟаҵатәуп», — иҳәеит  Марк Рутте.