Марк Рутте – Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ҳрыцклаҧшуеит, ари аҭагылазаашьа ҳаргәамҵуеит
Марк Рутте – Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ҳрыцклаҧшуеит, ари аҭагылазаашьа ҳаргәамҵуеит

«Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ҳрыцклаҧшуеит, ари аҭагылазаашьа ҳаргәамҵуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Рутте Бриуссель имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Марк  Рутте  Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа дрыхцәажәарц иҳәеит. Иара иҳәеит:

«Қырҭтәыла имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа срыхцәажәахьеит. Иара убас, Қырҭтәыла НАТОи Евроеидгылеи рахь зхы рхоу амҩа нанагӡар шаҳҭаху иазгәасҭахьеит. Уи еснагь иҳәатәуп ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, арҭ азҵаарақәа срыхцәажәахьеит. Ҳәарада, ҳара Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ҳрыцклаҧшуеит, ари аҭагылазаашьа ҳаргәамҵуеит», — иҳәеит  Марк Рутте.