Марк Рутте — Абри аибашьра ҿаасҭа ахыркәшареи аҭынчра ҕәҕәа ашьақәыргылареи иадҳәаланы ҳҳәатәы еиқәшәоит, уажәы Путин иоуп зегьы зхьыҧшу
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Рутте асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, уажәы Урыстәыла ахада Владимир Путин иоуп зегьы зхьыҧшу.
Иахьа Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Америка ахадеи, Украина алидери, европатәи алидерцәеи рвиртуалтә саммит ихы алаирхәит.
«Сара Америка ахадеи, Украина алидери, европатәи алидерцәеи ҭелла срацәажәеит. Аиҿцәажәара бзиа ҳаман. Абри аибашьра ҿаасҭа ахыркәшареи аҭынчра ҕәҕәа ашьақәыргылареи иадҳәаланы ҳҳәатәы еиқәшәоит, уажәы Путин иоуп зегьы зхьыҧшу », — иҩит Марк Рутте.