Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Гренландиа ари атәыла ауааҧсыреи Даниеи иртәуп, дара роуп ирҭаху зыӡбаша, мчыла аҳәаақәа рыҧсахра ҟалом
Франциа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Даниеи Гренландиеи рҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло. Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Паскаль Конфавр иҳәамҭала, мчыла аҳәаақәа рыҧсахра ҟалом.
«Ҳара Даниа ҳадгылоит. Гренландиа ари атәыла ауааҧсыреи Даниеи иртәуп, дара роуп ирҭаху зыӡбаша, мчыла аҳәаақәа рыҧсахра ҟалом», — иҳәеит Паскаль Конфавр.
Уажәааны Америка ахада Дональд Трамп ишиҳәаз ала, Америка, ахатә амилаҭтә шәарҭадара ахьчаразы, Гренландиа аҭахуп. Даниа адгылара азаадырҧшит Латвиеи, Финляндиеи, Швециеи рлидерцәа.