Франциа Ауаажәларратә дырраҭара, афинанстә проблемақәа рымшала, ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровизиа» амҩаҧгаразы мап акит
Франциа Ауаажәларратә дырраҭара, афинанстә проблемақәа рымшала, ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровизиа» амҩаҧгаразы мап акит

Франциа Ауаажәларратә дырраҭара, афинанстә проблемақәа рымшала, 2026 шықәсатәи  ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровизиа» мҩаҧнагом.

«Ахәыҷтәы  Евровизиа  2025» аҿы аиааира згаз атәыла аҳасабала,  Франциа,   2026 шықәсатәи аконкурс амҩаҧгаразы мапкра азин аман.

Аилахәыра  France Télévisions аҿы ишырҳәаз ала,  дара аконкурс аиҿкааразы мап ркит афинанстә мзызқәа рымшала. Адырраҭара адыррақәа рыла,  аконкурс амҩаҧгаразы 2026 шықәсатәи абиуџьет аҿы 140 миллион евро аиҷаҳара рықәшәоит.

France Télévisions аҳәамҭаҿы аҧара аиҷаҳаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа еиқәыҧхьаӡоуп. Лымкаала  — амилаҭтә программақәа рзы ахарџьқәа рырмаҷреи,  абаҩхатәратә программақәа реиҭарбара аизырҳареи,  дырраҭарақәак рырмазеира аҟәыҵреи,  иара убас,  еиуеиҧшым аспорттә усмҩаҧгатәқәа ртранслиациа азин аҭиреи.

Франциа, уаанӡагьы,  ари аконкурс аҿы аиааира ашьҭахь,  «Ахәыҷтәы Евровизиа» амҩаҧгара иақәшаҳаҭымхацызт,  усҟан Париж имҩаҧысуаз 2024 шықәсатәи Аолимпиатә хәмаррақәа ртранслиациа аҧыжәара арҭеит. Убри аҟынтә,  усҟан  2024 шықәсатәи ахәыҷтәы конкурс Мадрид имҩаҧган.

Ҧхынҷкәын  13 рзы Қарҭ имҩаҧгаз Ахәыҷтәы Евровизиа  2025 аҿы аиааира лгеит Франциа ахаҭарнак.