Франциа ахада Еммануель Макрон Франциа аԥыза-министр ҿыцс Франсуа Беиру дҟаиҵеит, -аанацҳаит France 24.
Франсуа Беиру Еммануаль Макрон Елисеитәи ахан аҟны диԥылеит.
Атәыла аԥыза-министр Мишель Барнье инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Аҵыхәтәантәи 60 шықәса ирылагӡаны апарламент раԥхьаӡа акәны аиҳабыра агәрамгара азаанарԥшит. Барнье дызхагылаз аиҳабыра амч 90 мш мацара рыман.