Ахәыҷтәы “Евровизиа” афинал аҟынӡа мышқәак аанхеит — уи алахәылацәа арепетициақәа мҩаҧыргоит, аконкурс азы рҽазыҟарҵоит. Асценеи адекорациақәеи имазеиуп.
Иахьа акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡеи «Starring Georgia» ахаҭарнакцәеи аҽазыҟаҵаратә усурақәа шымҩаҧысуа гәарҭеит.
«Аҽазыҟаҵраатә усурақәа ахыркәшаранӡа инеихьеит. Ахәыҷтәы «Евровизиа» амҽхак ду аиуит. Ари апроцесс иалахәы аусбарҭақәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп. Аконкурс иалахәы атәылақәа зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Анеҩстәи амчыбжь азы Европа зегьы, адунеи зегьы Қырҭтәыла иацклаҧшуеит. Мчыбжьык иалагӡаны ҳара европатәи адырраҭарақәа рефирқәа рҿы ҳаҟазаауеит. Агәра ганы сыҟоуп асасцәа зегьы қәнагарала рыдкылара шҳалшо», — илҳәеит Ҭинатин Рухаӡе.
«Аҽазыҟаҵаратә ашықәс қәҿиарала имҩаҧган. Аделегациақәа зегьы акгьы иахашшаауам. Асцена зегьы иргәаҧхоит. Дара зегьы ргәаҧхоит — атехникатә ганахьалагьы аҧшралагьы, ҳара ҳзы уи аҵакы ду амоуп.
Ҧхынҷкәын 12 – 13 рзы абри ақәыҧшылара ссир аҿы ҳшәызҧшуп», — илҳәеит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Қырҭтәыла имҩаҧысуеит Ахәыҷтәы Евровизиа – 2025, афиналтә шоу иалагоит ҧхынгәы 13 асааҭ 20:00 рзы. Ахәыҷтәы конкурс афинал рхы аладырхәоит 18 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа, урҭ дреиуп Қырҭтәыла ахаҭарнак — апроект «Ранина» аиааирагаҩы Анита Абгариан.







