Ахәыҷтәы Евровизиаҿ Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа Анастасиеи „Ранинеи“ уаҵәы, Франциа, Ницца ақалақьаҿ,  Palais Nikaïa асценаҿ иқәгылоит
Ахәыҷтәы Евровизиаҿ Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа Анастасиеи „Ранинеи“ уаҵәы, Франциа, Ницца ақалақьаҿ,  Palais Nikaïa асценаҿ иқәгылоит

Ахәыҷтәы Евровизиаҿ Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа Анастасиеи „Ранинеи“ уаҵәы, Франциа, Ницца ақалақьаҿ,  Palais Nikaïa асценаҿ иқәгылоит.

Апроект „Ранина“  аиааирагаҩы Анастасиа Васаӡеи агәыҧ  „Ранина“ ашәаҳәаҩцәеи Ахәыҷтәы Евровизиаҿ иқәгылоит ажәабатәи аномерла, дара ашәа  Over The Sky нарыгӡоит.

Уаҵәтәи ахәыҷтәы еврофестиваль аадыртуеит Испаниа ахаҭарнакцәа, ихдыркәшоит Нидерланды ахаҭарнакцәа.

Аконкурс ишиашо ицо атранслиациа  жәбар шәылшоит  Ауаажәларратә дырраҭара аефираҿ.