Ахәыҷтәы Евровизиа ақырҭуа алахәылацәа Ницца имҩаԥысуа аконкурс аартра ацеремониахь инеит
Ахәыҷтәы Евровизиа ақырҭуа алахәылацәа Ницца имҩаԥысуа аконкурс аартра ацеремониахь инеит

Ницца ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс Евровизиа аартра ацеремониа мҩаԥган. Ахәыҷтәы Евровизиа ақырҭуа алахәылацәа Анастасиа Васаӡеи Николоз Харатии Оҭо Базерашвилии ауарҳал ҟаԥшь аҿы ицәырҵит.

Анастасиа Васаӡе илыцны 2023 шықәсатәи Евровизиа асценаҿ иқәгылоит Николоз Харатии Оҭо Базерашвилии, урҭ аконкурстә ашәа– Over The Sky еицынарыгӡоит. Урҭ ирыцны асцена иқәгылоит акәашаҩцәа Нита Џьамагиӡеи Барбаре Қаџьаиеи.

21-тәи ахәыҷтәы конкурс  Евровизиа- 2023 абҵара 26 рзы Франциа, Ницца ақалақьаҿ имҩаҧысуеит, ашоу асааҭ 19:00 рзы иалагоит. Актәи аканал аҿы ишиашоу арепортаж мҩаԥигоит Ника Лобжаниӡе. Абжьыҭира иалагоит абҵара 24, асааҭ 23:00 инаркны.