Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Атәым тәылақәа Евроеидгыла исуверену аҳәаақәа рықәлара рылшом
«Атәым тәылақәа Евроеидгыла исуверену аҳәаақәа рықәлара рылшом», — иҳәеит Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Жан-Ноель Барро Дональда Трамп Гренландиа иадҳәаланы иҟаиҵаз аҳәамҭа иаҭакны.
ЕАШ ҿыц илху ахада Дональд Трамп Мар-а-Лаго иҟоу ирезиденциаҿ имҩаԥигаз апресс-конференциа аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭала, Панаматәи аӡыбжьахалеи Гренландиеи рхылаԥшра аиуразы арратә аҽалагалара дазхәыцуеит.
Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, ЕАШ 600 шықәса Даниа иатәу арктикатә адгьылбжьаха иақәлоит ҳәа агәра игом.
«Атәым тәылақәа Евроеидгыла исуверену аҳәаақәа рықәлара рылшом. Ҳара аконтинент ӷәӷәа ҳауп», — иҳәеит Жан-Ноель Барро.