Марк Рутте Нато амаӡаныҟәгаҩ хада инапынҵақәа рынагӡара далагеит
Марк Рутте Нато амаӡаныҟәгаҩ хада инапынҵақәа рынагӡара далагеит

Нидерланды ԥасатәи аԥыза-министр Марк Рутте иахьа Нато амаӡаныҟәгаҩ хада инапынҵақәа рынагӡара далагеит.

Ацеремониа алианс аштаб-уадаҿ мҩаԥган, уи ашьҭахь Марк Рутте актәи апрессконференциа мҩаԥигоит. Уи алианс апланқәеи ааԥхьарақәеи дрыхцәажәоит.

Жьҭаара 17-18 рзы Бриуссель, Нато аштаб уадаҿ Нато иалоу 32 тәылақәа ртәылахьчаратә министрцәа есышықәсатәи ҭагалантәи аиԥылара мҩаԥгахоит, иашьҭанеиуа аиԥылара ԥхынҷкәын имҩаԥысран иҟоуп.

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада рашәара 24-26 рзы Гаага имҩаԥысран иҟоу Нато асаммит азы аҽазыҟаҵара далагароуп.

Марк Рутте Нидерланды акоалициатә аиҳа́быра 13 шықәса ирылагӡаны дахагылан.