Иракли Бераиа Марк Руте Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
Иракли Бераиа Марк Руте Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

НАТО аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак Иракли Бераиа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Руте диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, Қырҭтәыла ахаҭарнак НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.

„Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа НАТОи Қырҭтәылеи русеицура иалацәажәеит.

Қырҭтәыла ахаҭарнак иаҵшьны иазгәеиҭеит арегионалтә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароль ду. Анеҩс, амаӡаныҟәгаҩ хада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Алианс Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иахьадгыло азыҳәан.

Марк Руте Иракли Бераиа Қырҭтәыла ахаҭарнакс иқәыргылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит“, – иануп аминистрра аинформациаҿы.