Амедиа адыррақәа рыла, анеҩстәи амчыбжь азы Ҭрықәтәылеи Шәамахьтәылеи ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵареи аҳәаа азҵаарақәеи рзы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит
Амедиа адыррақәа рыла, анеҩстәи амчыбжь азы Ҭрықәтәылеи Шәамахьтәылеи ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵареи аҳәаа азҵаарақәеи рзы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит

Амедиа адыррақәа рыла, анеҩстәи амчыбжь азы Ҭрықәтәылеи Шәамахьтәылеи ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵареи аҳәаа азҵаарақәеи рзы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит. Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны,  Ҭрықәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адеспан ҷыда анапхгара ззиуа аҭырқәа делегациа Шәамахьтәыла иаҭаауеит адгьылтә мҩала.

Имҩаҧысраны иҟоу „аиҳабырабжьаратә аиҧылараҿы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара иазку азҵаарақәа ирылацәажәоит“.

Нанҳәа  8 рзы Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рлидерцәа Вашингтон ианеиҧыла ашьҭахь Ҭрықәтәылеи Шәамахьтәылеи реиҳабырақәа рхаҭарнакцәа раҧхьаӡа акәны еиҧылоит.