Ҭырқәтәыла аҩада-мрагыларатә ахәҭаҿы асы леит
Ҭырқәтәыла аҩада-мрагыларатә ахәҭаҿы асы леит

Ҭырқәтәыла аҩада-мрагыларатә ахәҭаҿы асы леит. АИХқәа рдыррақәа рыла, Ризе ақалақь ашьхатә раионаҿ иаалырҟьаны хьшәашәарахеит.

Ризе Амшын еиқәа аҟәара иаҧнуп,  120 километр рыла Қырҭтәыла аҳәаа иацәыхароуп.

Аҭыҧантәи ажурналист иәҳамҭала, ҧхынгәы азы уаҟа ахаангьы асы иҟамызт.

«Ризе лассы-лассы амш аҽаҧсахуеит, ҳара уи ҳашьцылахьеит. Хәажәкыразы асы леихьеит, аха, ахаангьы абас ирацәамызт. Абыргцәа ишырҳәо ала,  30-40 шықәса раҧхьа ҧхынгәы азы асы леит, аха, абас ирацәамызт», — иҳәеит аҭыҧантәи ажурналист.

100 километр аҵакырадгьыл асыла ихҩоуп. Зегьы реиҳа апроблемақәа рацәоуп   Артвин ақалақьаҿ.

Убри аамҭазы, атәыла егьырҭ ахәҭақәа рҿы абылрақәа инагӡоит.  Аҧсабаратә рыцҳара амшала,  Измир ҩыџьа ҭахеит. Аҭыҧантәи анапхгара рҳәамҭала, абылрақәа реиҳара афымцамҩангагақәа рыҧхасҭахара иахҟьеит. 44ҩык аанкылоуп, урҭ реиҳара аусзуҩцәеи афермерцәеи роуп.