Ҭырқәтәылатәи зауадк аҿы иҟалаз атҟәацраан 12-ҩык ҭахеит, х-ҩык ахраа роуит, – аанацит агентра “CNN Turkey”.
Амашәыр ҭырқәтәылатәи ақалақь Балиқеср иҟоу аԥжәагақәа рааглыхырҭаҿ ҟалеит.
Арегион агубернатор Исмаил Устаоӷлу иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара макьана цқьа идырым.