Реџьеп Таип Ердоӷан ишааицҳаз, Џьо Баиден F-16 аҳаирпланқәа аҭира дақәшаҳаҭхар, Ҭырқәтәыла апарламент Швециа Нато алалара азҵаара аратификациа азнауеит
Реџьеп Таип Ердоӷан ишааицҳаз, Џьо Баиден F-16 аҳаирпланқәа аҭира дақәшаҳаҭхар, Ҭырқәтәыла апарламент Швециа Нато алалара азҵаара аратификациа азнауеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан ишааицҳаз, ЕАШ ахада Џьо Баиден F-16 аҳаирпланқәа аҭира дақәшаҳаҭхар, Ҭырқәтәыла апарламент Швециа Нато алалара азҵаара аратификациа азнауеит. Ари атәы Ҭырқәтәыла ахада ааицҳаит Азербаиџьан аҟынтә аԥсадгьыл ашҟа ҳаирпланла даныхынҳәуаз.

Ердоӷан ишазгәеиҭаз, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳаакан Фидант ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Швециа Нато алалара азҵаара иҳыҩсыз амчыбжь азы ,Ниу-Иорк иахцәажәеит.

“Ражәа еиларымгар, ҳпарламентгьы аҳәахьа нанагӡоит. Швециа Нато алалара азҵаараҿ аҵыхәтәантәи ажәа Ҭырқәтәыла апарламент аҳәароуп”, – иҳәеит Ҭырқәҭәыла ахада.