Владимир Путин ЕАШ аҟны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс Александр Дарчиев дҟаиҵеит
Владимир Путин ЕАШ аҟны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс Александр Дарчиев дҟаиҵеит

Владимир Путин ЕАШ аҟны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс Александр Дарчиев дҟаиҵеит. Уаанӡа адипломат Урыстәыла  Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Аҩада Атлантикатә департамент дахагылан.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иажәақәа рыла, ЕАШ-и Урыстәылеи рҟны ацҳаражәҳәаҩҵәа ирызку аиқәшаҳаҭра жәабран 18 рзы, Саудтәи аравиаҿ рыбжьарҵеит.

Урыстәыла ԥасатәи ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов Вашингтон амиссиа хиркәшеит 2024 шықәса жьҭааразы.