ЕАШ афинанстә департамент апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ашьаҭаркҩы, пату зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили афинанстә санкциақәа иқәнаҵеит.
Аӡбамҭа ЕАШ афинанстә департамент атәым активрақәа рхылаԥшра аофис (OFAC) авебдаҟьа ианылеит.
Афинанстә департамент ақәҵараҿ ишану ала, “Биӡина Иванишвили асанкциақәа иқәҵан анагӡаратә ақәҵара 14025 ашьаҭала.
Асоциалтә ҳаҿы аҳәамҭа алаирҵәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент апресспикер Меҭиу Миллер. Миллер иажәақәа рыла, Биӡина Иванишвили ақыҭуа жәлар адемократиатәи европатәи рԥеиԥш ԥырхага риҭеит.
“ЕАШ “Ақырҭуа гәахәтәы” ашьаҭаркҩы, пату зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили афинанстә санкциақәа иқәырҵеит. Иара ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара дадгылоит, ақыҭуа жәлар адемократиатәи европатәи рԥеиԥш ԥырхага ду риҭеит, Урыстәыла аинтересқәа ихьчоит”, – иҩит Миллер.