Биӡина Иванишвили – Ҳажәлар рҟәышреи ҳгәыҧ рпрогмативтә политикеи абзоурала, ҳара аҳасабтәқәа зегьы ҳаӡбеит, 2026 шықәсазгьы абасҵәҟьа инаҳагӡоит, ҳаҧсадгьыли, ҳҭаацәарақәеи, ҳтрадициақәеи ҳахьчоит
«Сара, сыҧсадгьыл абжьааҧнытә асолҭаҭ иаҳасабала, сгәыҧ срыцны, 2026 шықәсазы ҳтәылеи ҳҭаацәарақәеи рыхьчара насыгӡоит! Ҳажәлар ҳара иҟаҳҵо аус Қырҭтәыла иазеиҕьуп ҳәа агәра ргонаҵы, абри амиссиа намысла инаҳагӡоит», — иануп апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили иҟаиҵаз ашықәсҿыцтәи адныҳәалараҿы.
«Акыр иаҧсоу ҳтәылауаа! Қырҭтәылагьы уи анҭыҵгьы инхо ақырҭуаа!
Ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс Ҿыцу! Ари ашықәс ҳҭаацәарақәеи ҳтәылеи аҭынчреи, акзаареи, ақәҿиарақәеи рзаанагааит. Агәабзиареи мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит. Уаҵәтәи амш иаҳа ишеиҕьхо агәра ҳгароуп. Қырҭтәыла ҕәҕәа аҧеиҧш — ҳареи ҳхылҵи ҳҧеиҧш — ҳаидгыланы еиқәҳаршәароуп!
Иҳаҩсыз ашықәс даараӡа иуадаҩын. Аглобалтә амч цәгьақәа Қырҭтәыла иаҿагылеит. Аха, ҳажәлар рҟәышреи ҳгәыҧ рпрогмативтә политикеи абзоурала, ҳара аҳасабтәқәа зегьы ҳаӡбеит, 2026 шықәсазгьы абасҵәҟьа инаҳагӡоит, ҳаҧсадгьыли, ҳҭаацәарақәеи, ҳтрадициақәеи ҳахьчоит.
Сара, сыҧсадгьыл абжьааҧнытә асолҭаҭ иаҳасабала, сгәыҧ срыцны, 2026 шықәсазы ҳтәылеи ҳҭаацәарақәеи рыхьчара насыгӡоит! Ҳажәлар ҳара иҟаҳҵо аус Қырҭтәыла иазеиҕьуп ҳәа агәра ргонаҵы, абри амиссиа намысла инаҳагӡоит. Ҳхылҵ ҳашьҭагылоуп, убри аҟынтә, ахьаҵра азин ҳамам. Ҳаҧсадгьыли, ҳмилаҭи, ҳазхылҵыз ауааи рҿаҧхьа аҭак ҳаҧхықәуп, ҳажәлар иахьанӡагьы иаазгаз апринципқәеи аидеиалқәеи ҳахьчароуп!
Абри ақәҧараҿы сара ма ҳполитикатә гәыҧ ҳааҧсоит ҳәа аӡәыр игәы иаанагозар, дҩашьеит. Аха, ҳажәлар, 2026 шықәсазгьы цқьа еилыркаароуп Қырҭтәыла аҕа дызусҭоу — аҩызагьы дызусҭоу!
Сареи сыҧҳәыси ҳахьӡала даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц! Гәыкала ишәзеиҕьаҳшьоит аҭынчреи, мышхәыбзазареи, ҳәаада агәырҕьареи.
Ҳареи ҳаҧсадгьыли Анцәа ҳихьчааит!», — иануп Биӡинеи Екатеринеи Иванишвилиаа иҟарҵаз адныҳәалараҿы.