Биӡина Иванишвили — «Ақырҭуа гәахәтәы» ҳуааҧсыра рхы иақәиҭны алхра ҟарҵаратәы алшара рнаҭеит
«Иахьа ҳуааҧсыра абжьыҭира рхы алархәны, алхра иаша ҟарҵап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили абжьыҭира ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иванишвили иҳәамҭала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ҳуааҧсыра рхы иақәиҭны алхра ҟарҵаратәы алшара рнаҭеит.
«Иахьатәи амш ҳтәыла аҭоурыхаҿ аҵакы ду амоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла имҩаҧысуа, зхы иақәиҭу алхрақәа аҵакы ду рымоуп. Ҳара ҳпартиа, «Ақырҭуа гәахәтәы» ҳуааҧсыра рхы иақәиҭны алхра ҟарҵаратәы алшара рнаҭеит. 13 шықәса рыҩныҵҟала ҳареи ҳуааҧсыреи ахырхарҭақәа зегьы рыла ақәҿиара дуқәа ҳауит. Аха, зегьы реиа ихадоу, «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәагьы ҳуааҧсырагьы аобиективтә анализ аҟаҵареи акритикатә хәыцшьа аҿиареи рҵеит.
Иахьа иарбан ҳәамҭақәазаалак иҟарҵо, аобиективра рымамзар, ақырҭуа жәлар урҭ ирықәҿырҭуам. Ауаа аиқәаҵәеи ашкәакәеи реилыхра рҵеит. Иахьа ҳуааҧсыра абжьыҭира рхы алархәны, алхра иаша ҟарҵап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Иванишвили.