Биӡина Иванишвили швеицариатә абанк „Кредит суис“ аҟны имаз аӡбаратә аимак аҿы аиааира игеит
Иеиду аҳра иреиҳаӡоу аппелиациатә аӡбара – Иеиду аҳра ахеилак маӡа аӡбаратә комитет Биӡина Иванишвилии швеицариатә абанк , „Кредит суиси“ рус азы аҵыхәтәантәи ақәҵара цәырнагеит.
Ари ақәҵарала, аӡбара, еицҿакны, Биӡина Иванишвили иҿагыланы „Кредит суис“ иаҵанакәа аилахәыра CS Life анапхгара аӡбара иаларҵаз ашшыҧхьыӡ азҵаарақәа зегьы рзы мапкратә аӡбара аднакылеит.
Убри ала, аӡбара, ҧасатәи аинстанциақәа рықәҵарақәа зегьы ааннажьит, урҭ инрықәырәшаны, зыӡбахәы ҳәоу абанк Биӡина Иванишвили азарал изшәара иауалуп.