Биӡина Иванишвили Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа аҭак аиҭеит – Хаҭала ашантаж анысзыҟарҵо аамҭазы ацҳаражәҳәаҩ лҧылареи аҳәынҭқарратә усқәа рзы лацәажәареи ииашам ҳәа сгәы иаанагоит
Хаҭала ашантаж анысзыҟарҵо аамҭазы ацҳаражәҳәаҩ лҧылареи аҳәынҭқарратә усқәа рзы лацәажәареи ииашам ҳәа сгәы иаанагоит, – иануп апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Биӡина Иванишвили Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа аҭак аиҭеит
„Иахьа Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭа иануп лаҵара 22 рзы сара Америка ацҳаражәҳәаҩ лҧыларазы мап шыскыз. Ари аиҧылараҿы Трамп иадминистрациа опозициа сазыӡырҩыр акәын. Ари аҳәамҭа зызку сзеилкаауам, избанзар, ацҳаражәҳәарҭаҿы ари азҵаара иадҳәалоу адетальқәа зегьы рдыруеит.
Сара ишьақәсырҕәҕәоит мышқак раҧхьа Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭәтыла аҧыза-министри егьырҭ ачынуааи рҟны ари азҵаара иадҳәаланы ишрыдҵаалаз. Америка ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аҧыза-министр иалҳәеит сара дысҧыланы, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Рубио иҟынтә ажәанҵа сылҭар шылҭахыз. Сара, апатуқәҵара ду аарҧшны, аиҧыларазы мап скит.
Сара уаанӡагьы аргама исҳәеит америкатә аган сзырҧымло. Хаҭала ашантаж анысзыҟарҵо аамҭазы ацҳаражәҳәаҩ лҧылареи аҳәынҭқарратә усқәа рзы лацәажәареи ииашам ҳәа сгәы иаанагоит.
Ҧасатәи администрациа рхаангьы, уажәгьы, америкатә аган, зны иформалымкәа, анеҩс, формалла асанкциақәа сзышьақәдыргылеит. Иформалым асанкциақәа рформа даараӡа иџьбароуп, иаҳҳәап, Швеицариатәи абанк, аӡбарала ақәҵарала исыхәҭоу аҧара сырҭом, ари апроцесс иалахәып америкатә адукатцәагьы.
Абри аҩыза ашантаж аныҟоу, ацҳаражәҳәаҩ лҧылареи аҳәынҭқарратә усқәа ирызкны лацәажәареи ииашам ҳәа исыҧхьаӡоит, избанзар, аҳәынҭқарратә зҵаарақәа ирыдҳәалоу аӡбарақәа схатә интересқәа ирҿагылоит, сара уи сзақәшаҳаҭхом. Аҳәынҭқаррагьы хаҭала саргьы иаҳзыфеидоу аӡбарақәа сыдыскыларгьы, ҳуааҧсыреи анапхгаратә әгыҧи рҿаҧхьа уезгьы абри акомплекс сзаанхоит.
Иаҵшьны иазәгасҭар сҭахуп сара ахаангьы схатә интересқәа аҳәынҭқарратә интересқәа раасҭа иаҳа иҳаракны ишсықәмыргыло. Аҳәынҭқарратә интересқәа рымҩаҧгаразы схатә интересқәа ашәарҭара иҭасыргылеит.
Ишәгәаласыршәар сҭахуп ҵыҧх, ҭагалан азы иформалымз асанкциақәа аамҭакьаҿла ианаҧыхыз, аҧаратә ресурсқәак ихақәиҭыртәит, усҟан сара схаҭа Америка ацҳаражәҳәаҩ аиҧыларазы слыҳәеит, аханатә лара дақәшаҳаҭхеит, анеҩс, аиҧылара хлырҧеит, аҵыхәтәаны, зынӡаскгьы мап лкит.
Сара ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара даараӡа сазҿлымҳауп. Усҟангьы ирасҳәеит дара ибаандаҩыртәыз сҧара схатә мзықәа рзхы акәымкәа, дара ирҭаху иарбанзаалак аус алаҵара сшазыхиоу. Аха, ашантаж аныҟоу, изакәызаалак аӡбарак сыдыскылом. Дара сҧара акәӡам интересс ирымоу, ари аҧарала ашантаж сзырур рҭахуп.
Сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп мап аныскуаз, Америка ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аҧыза-министр иҧылара шлыдазгалаз. Иара америкатә санкциақәа изышьақәыргылам, убри аҟынтә, хаҭалатәи ашантаж иадҳәаланы акомплекс имам. Аха, ацҳаражәҳәаҩ уи дақәшаҳаҭымхеит. Уи алагьы иубарҭоуп дара рзы хаҭалатәи ашантаж ахадаратә ҵакы шамоу.
Сара анапхгаратә партиа ашьаҭаркҩи аҳаҭыртә напхгаҩи иаҳасабала аӡбарақәа рыдкылараан анырра ду сымоуп ҳәа рҳәар ауеит, аха, агәра шәсыргар сҭахуп анапхгаратә партиаҿы иарбанзаалак аӡбарак шҳадҳамкыло агәыҧ алахәылацәеи аҧыза-министри рҽалархәра ада. Убри аҟынтә, сара заҵәы сҧылара ианаҳәо, лабҿаба иубарҭоуп абри аҩыза аиҧылара хаҭалатәи ашантаж ишазку.
Америка ацҳаражәҳәарҭа ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа абҕьыц ҿыцла реиҭалагара иазкны ақырҭуа аган иҟарҵаз ажәалагала иақәшаҳаҭхап ҳәа ҳгәыҕуеит. Америкатә аган реалра ари аус иазҿлымҳахар, Қырҭтәыла анапхгара алидер цыҧхьаӡа ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра апроцесс активла аҽалархәра дазыхиоуп“, – иануп Биӡина Иванишвили иҳәамҭаҿы.