Америка ацҳаражәҳәарҭа - Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Рубио иҳәарала, ацҳаражәҳәаҩ Данниган Биӡина Иванишвили иҧыларазы аҳәара ҟалҵеит, аха, Иваанишвили мап икит
«Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Рубио иҳәарала, ацҳаражәҳәаҩ Данниган лаҵара 22 рзы Биӡина Иванишвили иҧыларазы аҳәара ҟалҵеит, аха, Иваанишвили ацҳаражәҳәаҩ лҧыларазы мап икит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу аиҧылараҿы ацҳаражәҳәаҩ «Қырҭтәыла аиҳабыра Америкаҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы иҟарҵараны иҟоу аконкреттә шьаҿақәа дрылацәажәар акәын».
«Биӡина Иванишвили Трамп иадминистрациа ажәалагала азыӡырҩразы ацҳаражәҳәаҩ Данниган лҧыларазы мап икит. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Рубио иҳәарала, ацҳаражәҳәаҩ Данниган лаҵара 22 рзы Биӡина Иванишвили иҧыларазы аҳәара ҟалҵеит. Зыӡбахәы ҳәоу аиҧылараҿы ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аиҳабыра Америкаҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы иҟарҵараны иҟоу аконкреттә шьаҿақәа дрылацәажәар акәын. Қырҭтәыла аиҳабыра Америкеи америкауааи рҟны 33 шықәсатәи апартниорреи аиҩызареи азыхынҳәра гәыкала ирҭахуп ҳәа ҳгәыҕуеит», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
.