Саудтәи Аравиа иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа хымҧада иҟало аракетатә жәылара иазкны агәҽанҵара ҟанаҵеит
Саудтәи Аравиа иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа хымҧада иҟало аракетатә жәылара иазкны агәҽанҵара ҟанаҵеит. Аҳәамҭа ишану ала, Америка аконсулреи атәыла анефҭааглыхра административтә центр хадеи ахьыҟоу ақалақь Дахран аганахьала аракетатәи адронтәи аахақәа мҩаҧгахоит.
«Америка аконсулрашҟа шәымнеин. Аҩны шәҽышәҵәахы, ҵаҟатәи аихагылақәа рҿы, аҧенџьырқәа ирцәыхараны. Адәахьы шәымдәылҵын. Америк аконсулра Дахран иҟоу Америка атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит аҽыҵәахырҭантә идәылымҵырц», — иануп аҳәамҭаҿы.
Иаха, Саудтәи Аравиа аҳҭнықалақьаҿ, — Ер-Риад иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа ахыбра 2 дронк ақәҳаит, ахыбра амца ацралеит, амиссиа аамҭала иаркуп.